ПОСОЛЬСТВО РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ В БОЛИВАРИАНСКОЙ РЕСПУБЛИКЕ ВЕНЕСУЭЛА | Embajada de la República de Abjasia en la República Bolivariana de Venezuela
1050, Kapakac
embabjasia@gmail.com


+58 412 960 0726
+58 212 910 0047



Аҧcны аҿар гәалсра дула адышшылара ҟаҳҵоит Уго Чавес иҭаацәеи Венесуела жәларзегь шәахьи



«Аҧcны аҿар гәалсра дула адышшылара ҟаҳҵоит Уго Чавес иҭаацәеи Венесуела жәларзегь шәахьи, ҳаамҭазтәи иналукааша аполитик, боливариантәи ареволиуциа аҧхьагылаҩ акоманданте иаамҭамкәа иҧсҭазаара дахьалҵыз.
Аҧсуа жәлар ирхашҭраны иҟаӡам сентиабр 10 2009 шықәсазы Венесуела аҳәынҭқарра анапхгареи, хаҭала уи ахадеи Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵаразы иҟарҵаз аполитикатә шьаҿаду, егьырҭ атәылақәа жәпакы рҟынтә аҿагылара шыҟазгьы. Ҩ – тәылак ҳаизыҟазаашьа бзиақәа рышьақәыргылараҿы Уго Чавес хаҭалатәи илагала ахә ҳаракны ишьо, иахьатәи шәхьааҿы ҳшәывагылоуп, шәгәырҩа шәыцеиҩаҳшоит. Идунеи иҧсахит зыжәлар риааиреи рхьыҧшымреи зыҧсаҭазаара азызкыз, зыжәлар рнаҩсангьы адунеиаҿ аиаша иашьҭоу ауааҧсыра зегьы рҩыза иаша, ареволиуционер.
Наунагӡа ихьӡ кашәара ақәым акоманданте Уго Чавес!
Вива Чавес!»


October 3, 2015 - 04:39 | новости |

СОЮЗНИКИ САЙТЫ